Закәаншьаҭада Аԥсны аҳәаа ииагаз ааглыхтә тауарқәа аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны
Урыстәыла атәылауаҩ Богатырева леидара агәаҭараан агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аусзуҩцәа иаадырԥшит 42 цыра адекларациа змамыз ааглыхтә тауарқәа. Атауарқәа лымырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инарышьҭит.
Акриптоԥара арҳаразы аппартқәа ԥшьбеи, еиуеиԥшым рыхәҭақеи рыԥшааит жәабран 16-17 рзы

Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 16 азы агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аусзуҩцәа Toyota Alphard амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит Whatsminer M30 S амодель иаҵанакуа амаининг азы аппаратқәа 4, уи ианаало ахәҭақәа 2 рыԥшаара. Ҩ-аппаратк асалон аҩныҵҟатәи ахҟьа иҭаҵәахын, даҽа ҩ-аппаратк аԥсахгагежь аҭыԥ иҭаҵан.Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Џьынџьиа. Жәабран 17 азы агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны игәаҭаз […]
Хәажәкыратәи ажәылараҿы иҭахаз аибашьцәа ргәаладыршәеит Аҟәа

Хәажәкыратәи аоперциаҿы иҭахаз рыхьӡала Ахьӡ-аԥша апарк аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҳазалхратә Еилакы ахадареи аусзуҩцәеи АҲЕ ахантәаҩы Оҭар Хьециа дрыԥхьагыланы. Ажәылара алагамҭа сынтәа 31 шықәса ахыҵуеит. 1993 шықәса хәажәкыра 15 рзы аԥсуа еибашьцәа Аҟәа ахақәиҭтәра рҽазыркит. Ажәылара ԥхьаҟа ишынаскьозгьы, еиҵахеит. Ацәыӡ дуқәа рыманы аԥсуа архәҭақәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Хәажәкрыатәи аоперациаҿы иҭахеит 222-ҩык аԥсуа еибашьцәа, 23-ҩык хабарда ибжьаӡит. […]
Амаининг азы аппаратқәа 183 аадырԥшит Аҟәа

Аоперативтә информациа анагӡараан Аҟәа ақалақь аҿы АҲЕ амаҵзурауааи Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә Маҵзура аусзуҩцәеи Mercedes-Benz Sprinter амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит Whatsminer M 50 амодель иаҵанакуа акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 183 рыԥшаара. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәыркәнаа. Еилкааиз аинформациа ала, аппаратқәа зтәу Аԥсны атәылауаҩ Гәлиа иоуп. Арҭ аппаратқәа инырхуа афымцамчхара 600 киловатт-сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ахә-аԥса 29 миллион рҟынӡа […]
Аконтрабандатә сигаретқәа аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны

Аԥсынтәи Урыстәылаҟа ицоз Renault Logan амашьына агәаҭараан АҲЕ аусзуҩцәа иаадырԥшит Soprano амарка иаҵанакуа 7 960 цыра аконтрабандатә сигаретқәа. Хәҭак амашьына акапот аҵаҟа иҵәахын, дача хәҭак — апассаџьыртә ҭыԥқәа рыҵаҟа. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кешешиан. Аҭаҭын аалыҵ имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Ажьырныҳәеи жәабрани рзы ишьақәгылаз аплан нагӡан 134% рыла
2024 шықәа ҩымз рыла Аҧны абиуджет ахь инашьҭыз аҳазалхратә шәатәқәа 419 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Азҧхьагәаҭаратә арбага 313 миллион мааҭ иаҟаран, уи 34% рыла иацҵаны инагӡан. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿҳарҧшуазар, ашәатәқәа 48 миллон мааҭ рыла еизҳаит.
Амаининг азы аппаратқәа 6 рымырхит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны

Аоперативтә информациа ахархәараан жәабран 28 АҲЕ аусзуҩцәа агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны иааныркылаз Toyota Alphard амашьына гәарҭеит. Уи иҭаҵәахын AvalonMiner захьӡу акриптоԥара арҳаразы аппартқәа 6. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Нарманиа. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 5 рымырхит апатрультә пост «Ешыра» аҟны

Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 25 апатрультә пост «Ешыра» аҟы АҲЕ аусзуҩцәа игәарҭаз BMW X1 амашьына аидараҭыԥаҿы ирыԥшааит AvalonMiner 1066 pro 55 Тх/с амодель иаҵнакуа амаинг азы аппаратқә 5. Амашьына аԥсҟы икын Аԥны атәылауаҩ Пицулин. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Амаининг азы аппаратқәа 11 рыԥшааит амилициа агәаҭаратә пункт «Мысра» аҟны

Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 25 АҲЕ аусзуҩцәа амилициа агәаҭаратә пункт «Мысра» аҟны игәарҭаз Toyota Mark X амашьына аидараҭыԥаҿы иаадырԥшит акриптовалиута арҳаразы аппартқәа 11. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәаранӡиа. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Аҟәа иҟаз акриптоферма аадырԥшит АҲЕ аусзуҩцәа

АҲЕ аоперативтә ҟәшақәа рмаҵзурауааи, Аԥны Ашәарҭадаратә Маҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи иаадырԥшит аус зуаз Whatsminer M30S+ амодель иаҵанакуа аӡтәы рхьшәагақәа рыла еиқәыршәо акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 39. Акриптоферма Аҟәа Адыгаа рымҩа, 9 иҟо ашьҭаҵарҭа ҭыԥ иаҵанакуа атехникатә хыбрақәа руак иҭаҵәахын. Еилкааз аинформациа ала, аппаратқәа Урыстәыла атәылауаҩ Евдокимов итәуп. Дара инырхо афымцамччхара 117 киловатт-сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы […]