АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 16 азы агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аусзуҩцәа Toyota Alphard амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит Whatsminer M30 S амодель иаҵанакуа амаининг азы аппаратқәа 4, уи ианаало ахәҭақәа 2 рыԥшаара. Ҩ-аппаратк асалон аҩныҵҟатәи ахҟьа иҭаҵәахын, даҽа ҩ-аппаратк аԥсахгагежь аҭыԥ иҭаҵан.
Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Џьынџьиа.

Жәабран 17 азы агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны игәаҭаз Nissan Serena амашьына асалон аҿы иԥшаан Whatsminer M30 S амодель иаҵанакуа амаининг азы аппарат ахәҭақәа: 3-хеш платк, амчра аблок, аԥшаҩнарсгақәа ҩба, аконтрольтә ԥсаҟьа, анаскьага. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Сангәлиа.

Иԥшааз аппаратқәеи, ахәҭақәеи рымырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инарышьҭит.