Аоперативтә информациа анагӡараан жәабран 25 АҲЕ аусзуҩцәа амилициа агәаҭаратә пункт «Мысра» аҟны игәарҭаз Toyota Mark X амашьына аидараҭыԥаҿы иаадырԥшит акриптовалиута арҳаразы аппартқәа 11. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәаранӡиа. Аппаратқәа имырхит.
Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.