АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

АҲЕ аоперативтә ҟәшақәа рмаҵзурауааи, Аԥны Ашәарҭадаратә Маҵзуреи Аҳәынҭстандарти русзуҩцәеи иаадырԥшит аус зуаз Whatsminer M30S+ амодель иаҵанакуа аӡтәы рхьшәагақәа рыла еиқәыршәо акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 39. Акриптоферма Аҟәа Адыгаа рымҩа, 9 иҟо ашьҭаҵарҭа ҭыԥ иаҵанакуа атехникатә хыбрақәа руак иҭаҵәахын.

Еилкааз аинформациа ала, аппаратқәа Урыстәыла атәылауаҩ Евдокимов итәуп. Дара инырхо афымцамччхара 117 киловатт-сааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.