Аоперативтә информациа анагӡараан Аҟәа ақалақь аҿы АҲЕ амаҵзурауааи Аҳәынҭқарратә Шәарҭадаратә Маҵзура аусзуҩцәеи Mercedes-Benz Sprinter амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит Whatsminer M 50 амодель иаҵанакуа акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 183 рыԥшаара.
Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәыркәнаа. Еилкааиз аинформациа ала, аппаратқәа зтәу Аԥсны атәылауаҩ Гәлиа иоуп. Арҭ аппаратқәа инырхуа афымцамчхара 600 киловатт-сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ахә-аԥса 29 миллион рҟынӡа инаӡар алшоит.
Аппаратқәа рымырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.