АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Урыстәыла атәылауаҩ Богатырева леидара агәаҭараан агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аусзуҩцәа иаадырԥшит 42 цыра адекларациа змамыз ааглыхтә тауарқәа. Атауарқәа лымырхит.

Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инарышьҭит.