Аоперативтә информациа ахархәараан ԥхынгәы 5 агәаҭара-аушҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аусзуҩцәа Гагра инхо Папазиан Г.А. даанкыланы дгәарҭеит. Уи иалҵшәахеит аххыра шкәакәа зҭаз аилаҳәара ааԥшра. Уи Аҩныҟатәи Аусқәа Рминистраа аекспертизахь инарышьҭит.
Аҭҵаа алкаа ала, аххыра анаркотикатә маҭәашьар метадон (0,409 грамм) акәын.
ААР ишарыцҳауала, иалагоуп аусеилыргара, Папазиан дҭакуп.