АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны иаанкылаз Honda амашьына агәаҭараан АҲЕ аусзуҩцәа иаадырԥшит «Whatsminer M50» амодель иаҵанакуа акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа хԥа. Аԥсны аҭагалара ззин ыҟам ахархәагақәа аҳәаа аиагара иҿазишәеит Урыстәыла атәылауҩ Вилков. Аппаратқәа имырхит.

Азинеилагаразы аматериалқәа нашьҭуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҳазалхратә еилакы аҳазалхратә ҭҵаарақәа рыҟәшахьы.