Аоперативтә информациа анагӡараан мшаԥы 3 агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аусзуҩцәа Урстәылантәи Аԥсныҟа ицоз Toyota Mark X амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит Whatsminer M30S + амодель иаҵанакуа акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа рыԥшаара. Аппаратқәа ҵәахын асалони аидараҭыԥи рыбжьара.
Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәарҷиа. Иара уажәаԥхьагьы аиԥш-зеиԥшу азинеилагаразы административтә хьырхәра дақәдыршәахьан.
Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы акриптовалиута арҳаразы аппаратқәа Аԥсныҟа рыиагара аҽазышәарақәа еиҳа лассы-лассы иҟало иалагеит. Ари аус азхьаԥшра аҳасабала агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы амашьынақәа аҳазалхратә гәаҭара рахгара аетап арӷәӷәахиот.