Аоперативтә-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рынагӡараан АҲЕ аусзуҩцәа Toyota Alphard амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа хәбеи, еиуеиԥшым рыхәҭақәеи рыԥшаара. Аппартқәа ҩба, хеш плата, ҩ-ԥшанарсга, иара убас х-кабельк амашьына асалон ашьҭахьтәи аган ахҟьа иҭаҵәахын. Дача х-аппаратк амашьына аҵаҿы иҟо аԥсахгатә барбал аҭыԥ иҭан.
Амашына аԥсҟы икын Аԥсны атәлауаҩ Кәарҷиа. Аппаратқәеи, ахәҭақәеи имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инарышьҭит.