АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Апрофилактикатә усурақәа рымҩаԥгараан пхынгәы 19 анаплакҩы Соломка итәу «Aperol Bar» ахыбраҿы АҲЕ аусзуҩцәа иаадырԥшит Аԥсны акцизтә дыргақәа зқәымыз арыжәтә аԥаҭлыкақәа 45.

Атауар имхуп. Азинеилагаразы аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.