АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Аоперативтә-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рынагӡараан Гагра ақалақь аҟны Чолокиан итәу ахәаахәҭратә обиект аҿы иаарԥшын Аԥсны Аҳәынҭқарратә акцизтә рбагақәа змамыз акалиан азы аҭаҭынтә аилаӡҩы 731 ҭопк.

Атауар рымырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.