АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа рынагӡараан АҲЕ аусзуҩцәа анаплакҩы Аиба ихәаахәҭратә обиект гәарҭеит. Адәқәан ашьҭаҵарҭаҟны ирыԥшааит акцизтә дыргақәа змамыз асигаретқәа 30-ҭоԥк.

Аҭаҭын аалыҵ рымхуп. Азинеилагаразы аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.