2023 шықәсазы Аԥсны адәныҟахәаахәҭратә еикәыршара 49 002,7 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит. 2022 шықәсазтәи арбагақәа иаҿурԥшуазар, аицҵалыҵ 23% , мамзаргьы 9,072 миллиард рыла иазҳаит. Аимпорт 41 692,8 миллиард мааҭ рҟынӡа инаӡеит, аекспорт – 7 309,9 миллиард мааҭ рҟынӡа.
Ҵыԥхтәи ашықәс аҩныҵҟа иҟаҵаз аҳазалхратә шәатәқәа 3 672,7 миллиард мааҭ итәеит. Убас, иазԥхьагәаҭаз арбага – уи 2 847,1 миллиард ракәын, 825,6 миллион рыла инамыцхәны инагӡахеит.
Аҳазалхратә Еилакы азинхьчаратә ҟәшақәа 2023 ашықәс азы иаадырԥшит 230 административтә зинеилагарақәа. Ихацыркыз ашьаусеилыргарақәа реихшьаалақәа рыла административтә алхарақәа раҳасабала Аԥсны абиуџьет иалагалан 6 560 338 миллион мааҭ.