Аоперативтә-профилактикатә усурақәа рымҩаԥгараан Аҟәа ақалақь аҿы АҲЕ амаҵзурауаа иаадрыԥшит Аԥснытәи акцизтә дыргақә змамыз 3 240 цыра асигаретқәеи 1 580 цыра астикқәеи. Аҭаҭын аалыҵ рыԥшааит ИП Аҩардан итәу ахәаахәҭратә обиект аҟны. Асиагертқәеи астикқәеи рымыхит.
Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.