АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Ҳазҭагылоу ашықәс актәи ашықәсбжьа азы еизгаз аҳазалхратә шәатәқәа 1 миллиард 924 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи аплантә лҵшәа 496 миллион мааҭ рыла еиҳатәхеит.

2023 ашықсазтәи арбага иаҿҳарԥшуазар, сынтәатәи 418 миллион мааҭ рыла еиҳауп.