АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны иаанкылаз Аԥсны атәылауаҩ Шамба зыԥсҟы икыз Toyota амашьына агәаҭараан АҲЕ аусзуҩцәа иаадырԥшит 4 000 цыра аконтрабандатә аҭаҭын аалыҵ. Асигаретқәа имырхит.

Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.