Государственный таможенный комитет Республики Абхазия
Поиск по сайту
•
•
Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа  аусзуаҩцәеи аветеранцәеи амаҵзура  35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа  аусзуаҩцәеи аветеранцәеи амаҵзура  35-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусзуаҩцәеи аветеранцәеи!

Ишәыдысныҳәалоит аҳазалхратә маҵзура 35-шықәса ахыҵра! Ари амш иаанарԥшуеит аекономикатә шәарҭадареи аҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчареи, адәныҟатәи ахәаахәҭра аҭышәынтәалареи аҵак ду шрымоу.

Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы шьақәгылеишьҭеи аекономикатә шәарҭадара арӷәӷәареи, атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчареи, ҳәынҭқарра абиуџьеттә хашәалахәқәа рхарҭәаареи рҿы иҟанаҵахьоу алагала дууп.

35 шықәса рыҩныҵҟа Аԥсны аҳазалхратә маҵзура ашьақәгылареи аҿиареи рымҩа уадаҩ ианысит, уи зыбзоуроу ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа зуалԥшьа ламысцқьала иназыгӡо зегьы роуп.

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿаԥхьа иқәгылоу уснагӡаҭәқәаны иҟоуп аусура ахаҭабзиареи аеффективреи реизырҳара, аҳазалхратә шәҟәеиқәыршәареи ахылаԥшреи ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара, жәларбжьаратәи аекономикатә усеицура аҿиара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Агәра згоит, арҭ аҳасабтәқәа қәҿиарала ишынагӡахо, уи, хымԥада, ҳҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы ишацхраауа.

Иахьа аҳазалхратә усбарҭақәа рҿы амаҵ руеит ҩ-абиԥарак рхаҭарнакцәа – Аԥсадгьыл ахьчацәа аветеранцәеи аспециалистцәа ҿарацәеи. Аиҳабацәа ирымоу аԥышәеи адырреи аҿар ирымырдо, агәыӷра аасырԥшыр сҭахуп абиԥара ҿа рхаҭарнакцәа Аԥсны аҳазалхратә мaҵзура иамоу ахаҭыр дырӷәӷәалап, аихьӡарақәа ирыцырҵалап ҳәа.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны аҳазалхратә маҵзура аусзуацәеи аветеранцәеи, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, Аԥсны аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рымаҵ аураҿы ақәҿиара ҿыцқәа!»

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны аҳазалхратә маҵзура аусзуацәеи аветеранцәеи, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, Аԥсны аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рымаҵ аураҿы ақәҿиара ҿыцқәа!»

Видеоматериалы