Аоперативтә информациа ахархәараан Хиацха ақыҭан АҲЕ аусзуҩцәа анаплакҩы Џьахаиа итәу ахәаахәҭратә обиект гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит ақырҭуа бызшәала еиқәыршәаз амаркировка зқәыз ф-ԥаҭлыкак (36 литра) рыԥшаара.
Аҩы рымырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.