Ахьиратә лыхымҭақәа рымырхит Гал араион аҿы
Апрофилактикатә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан Аҳазалхратә Елакы аусзуҩцәа Гал араион Хиацха ақыҭаҿы инхо Коршиа А.Л. илымырхит ақырҭуа нбанқәа зныз алаҳәагәақәа иҭаз 323 цыра ахьира аалых. Араӡын рԥшӡагақәа шьоукы ақырҭуа нбанқәа иреиԥшны иҟаҵан. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны

Аоперативтә информациа анагӡараан агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аоперативтә ҟәша амаҵзурауаа Mercedes-Benz S320 амашьына гәарҭеит. Уи асалон иҭаҵәахын Whatsminer M30S амодель иаҵанакуа амаинг азы аппаратқәа 3. Амашьына Урыстәылантәи Аԥсны иаауан, аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Деинека. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Аиааира Ду 79-шықәса ахыҵра иазгәарҭеит Аԥсны

Аџьынџәтәылатә Еибашьра Ду аҟны аииара агара 79-шықәса ахыҵра инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарратә Ҳазалхратә Елакы анаԥхгареи аусзуҩцәеи рҽаладырхәеит Аҟәа имҩаԥысуаз Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара ацеремониа.
АҲЕ аусзуҩцәа рԥышәахысра нарыгӡеит Шәачатәи аҳаирбаӷәазаҿы

Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәа аҳаирмҩангара ахылаԥшреи аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгареи иадҳәалоу аԥышәа Аԥснытәи Аҳазалхратә Еилакы амаҵурауаа ирымардеит. Иара убас, иддырбеит аҳазалхратә ҭыԥ «Аҳаирбаӷәаза Шәача» атехникатә маҭәахәқәеи атехнологиатә хсаалеи. Иазгәарҭеит аԥхынтәи аамҭахәҭазы аҳазалхратә гәаҭара иамоу аҷыдарақәагьы. Аԥышәхысра иадҳәалан 2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аартра.
Амаининг азы аппаратқәа рыхәҭақәа аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны

Мшаԥы 26 аидарамҩангагатә машьынақәа ргәаҭаразы еиҿкаау ацәаҳәа аҟны иаанкылаз Ford амашьына асалон аҿы иаадырԥшит акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа рыхәҭақәа: архьшәашәагақәа 20, 5-платк, афымцатә аимадагақәа 30. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Аҩӡба. Иԥшааз ахәҭақәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Анаркотикатә маҭәашьар метадон аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны

Аоперативтә информациа анагӡараан мшаԥы 24 агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аоперавитә ҟәшақәеи амилициеи русзуҩцәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааиуаз «ВАЗ-2107» амашьына гәарҭеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Петикиан. Амашьына асалон иҭаҵәахын аххыра еиԥшу амаҭәашьарқәа зҭаз ҩ-еилаҳәарак. Урҭ амхны аекспертизахь инарышьҭит. Инагӡаз аҭҵаара ала, иԥшааз амаҭәашьарқәа метадон акәын ( 0,23 грамм). Азинеилагаразы аматериалқәа Аҩныҟатәи Аусқәа Рминистрра аусҭҵааратә ҟшахьы […]
Аԥсни Урыстәылеи рҳазалхратә маҵзурақәа ахаҭарнакцәа реилатәара

Аԥснытәии Урыстәылатәии аҳазалхыҩцәа реиԥылара мҩԥысит аушьҭырҭатә ҭыԥ «Адлер» ахыбраҿы. Алахәылацәа ииасыз ацитрустә сезон аихшьала ҟарҵеит, иара убас иааиуа акурорттә сезон иадҳәалоу азыҟаҵарақәа еибырҳәеит. Дара иалацәажәеит аҳазалхратә процедурақәа рырманшәалара, лымкаала иазгәарҭеит ацхыраагӡатә цәаҳәақәеи аԥенџьырқәеи раартра. Иара убас иахцәажәеит Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицо ирласны иԥхасҭахо аргәыцәқәа аҳазалхратә документқәа рыла приоритетла реиҿкаара, анаплакҩцәа ртауарқәа аҳәаа аиагараан ирыцхрааша аидарақәҵацәа рааԥхьара. […]
Амаининга азы аппаратқәа 24 аадырԥшит АҲЕ аусзуҩцәа Цандрыԥшь

Аоперативтә информациа анагӡараан мшаԥы 16 Цандрыԥшь аҳаблаҿы Аҳазалхратә Еилакы амаҵурауаа BMW амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит Whatsminer M30S+ амодель иаҵанакуа амаининг азы аппаратқәа 24 раарԥшра. Аппаратқәа амашьына аидараҭыԥ иҭаҵәахын. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Шахламджиан. Аппартқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.
Амаининг-ферма аадырԥшит Аҟәа

Аоперативтә информациа анагӡараан Аҟәа акалақь аҿы Аҳазалхратә Елакы аоператвтә ҟәшақәа рмаҵурауааи Ашәарҭадаратә Маҵзура аусзуҩцәеи иаадырԥшит акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 75. Амаининг-ферма Аԥсны атәылауаҩ Габуниа ихатә территориаҿы игылаз аҩны алыӷәра иҭаҵәахын. Аппаратқәа имырхит. Дара рыхәԥса 2 млн 345 нызықь мааҭ артәоит, инырхо афымцамчхара 250 квт/сааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иарбоу административвтә зинеилагара афакт ала иназыцҵоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Амаининг азы аппаратқәа 5 аадырԥшит агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны

Аоперативтә информациа анагӡараан мшаԥы 3 агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аусзуҩцәа Урстәылантәи Аԥсныҟа ицоз Toyota Mark X амашьына гәарҭеит. Уи иалҵшәахеит Whatsminer M30S + амодель иаҵанакуа акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа рыԥшаара. Аппаратқәа ҵәахын асалони аидараҭыԥи рыбжьара. Амашьына аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Кәарҷиа. Иара уажәаԥхьагьы аиԥш-зеиԥшу азинеилагаразы административтә хьырхәра дақәдыршәахьан. Аппаратқәа имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии […]