АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Аоперативтә информациа анагӡараан мшаԥы 24 агәаҭара-аушьҭырҭатә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны АҲЕ аоперавитә ҟәшақәеи амилициеи русзуҩцәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааиуаз «ВАЗ-2107» амашьына гәарҭеит. Уи аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ Петикиан. Амашьына асалон иҭаҵәахын аххыра еиԥшу амаҭәашьарқәа зҭаз ҩ-еилаҳәарак. Урҭ амхны аекспертизахь инарышьҭит.

Инагӡаз аҭҵаара ала, иԥшааз амаҭәашьарқәа метадон акәын ( 0,23 грамм).

Азинеилагаразы аматериалқәа Аҩныҟатәи Аусқәа Рминистрра аусҭҵааратә ҟшахьы инашьҭуп.