Аоперативтә информациа анагӡараан Аҟәа акалақь аҿы Аҳазалхратә Елакы аоператвтә ҟәшақәа рмаҵурауааи Ашәарҭадаратә Маҵзура аусзуҩцәеи иаадырԥшит акриптоԥара арҳаразы аппаратқәа 75. Амаининг-ферма Аԥсны атәылауаҩ Габуниа ихатә территориаҿы игылаз аҩны алыӷәра иҭаҵәахын.
Аппаратқәа имырхит. Дара рыхәԥса 2 млн 345 нызықь мааҭ артәоит, инырхо афымцамчхара 250 квт/сааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Иарбоу административвтә зинеилагара афакт ала иназыцҵоу аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.