АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Аушьҭырҭа-гәаҭаратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҟны иаанкылаз ВАЗ-21063 амашьына агәаҭараан АҲЕ амаҵзурауаа иаадырԥшит AvalonMiner 1346 амодель иаҵанакуа амаининг азы аппаратқәа хәба, иара убас акорпустә ԥшаҩнарсгақәа хәба. Акриптоԥара арҳаразы ахархәаргақәа ҵәахын амашьына аидараҭыԥ иҭаз архьшәашәагаҿы. Аԥсҟы икын Урыстәыла атәылауаҩ Кондакчиан. Аҳархәагақәа имхуп.

Азинеилагаразы аматериалқәа зегьы АҲЕ аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.