АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲАЗАЛХРАТӘ ЕИЛАКЫ
АҦШААРА

Аҟәатәи аџьармыкьаҿы имҩаԥысыз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәахеит Аԥсны атәылауаҩ Коиава инапылеидараҿы Аԥснытәи акцизтә дыргақәа змамыз 50 блокк Marshal захьӡу асигаретқәа рыԥшаара.

Аҭаҭын аалыҵ имырхит. Азинеилагаразы аматериалқәа Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.